Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҷкотуа Аҟәырҟан аԥсшәахь аиҭагара иазкны
© Sputnik
"Адинхаҵара иазку ашәҟәқәа аҭакԥхықәра ду адуп, иара уазҿлымхароуп, уахӡыӡааны, цқьа уазхәыцны, уаамҭа зегьы ақәырӡны еиҭагалатәуп. Сара Аҟәаран аиҭагара салагеит 2015 шықәса рзы. Аиҳарак иара акәын сызҿыз. Саналагоз абас исықәҿиап ҳәа сыҟамызт, аиашазы. Ҳбызшәа убас ибеиоуп, зны-зынла абри абызшәа ҳара иаԥымҵакәа Анцәа иаҳзааишьҭызшәа збоит. Аҟармаҵыс еиԥш ицәажәеит аиҭага, ҳбызшәала иузымҳәа ҳәа акгьы ыҟам", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.