Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Гагреи Иалтеи ҩ-ганктәи аимадаразы аиқәшаҳаҭра алшарақәас ирнаҭо
© Sputnik
"Гагреи Иалтеи ҩ-ганктәи аимадарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарҩы ашьҭахь иаразнак ажәалагала ҟаҵан ҳхәыҷқәа 20-ҩык иааиуа ашықәс азы аԥхын ԥсшьара ицарцаз. Дара аԥсшьара шеиҿыркаауа, хырхарҭақәас иҟоу, агәабзиара аиӷьтәра иазку ахырхарҭақәа иаҳа рҳәаа ҭбаауп, убри аҟнытә ирҿаҳбааша рацәоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.
Аԥсныи Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа актәи аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Гагреи Иалтеи рнапы аҵарҩит ҩ-ганктәи аимадарақәа рзы Аиқәшаҳаҭра.
Аԥсни Ҟрыми реиҳабырабжьаратә комиссиа актәи аилатәара мҩаԥысуан Аҟәа, абҵара 15 рзы.
Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.