Арадио

Дифа Габниаԥҳа: ачечен жәлар рбызшәа шьҭыхны иркуп

ААУ аԥсуа литература акафедра арҵаҩы Дифа Габниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Чечентәылатәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә университет аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа атәы.
Sputnik
Дифа Габниаԥҳа: ачечен жәлар рбызшәа шьҭыхны иркуп

"Ачечен жәлар иахьа рбызшәа шьҭыхны иркуп, рытрадициақәа аиқәырхара иашьҭоуп, еиуеиԥшым ацентрқәа раҳасабала иаԥҵаны аиҿкаара иаҿуп, ақалақь аҟны иуаҳауа дара рбызшәа ауп. Иара аконференциаҿы ажәахәқәа шыҟарҵозгьы дара рбызшәала акәын, нас анотациак ахасабала урысшәала иҳарҳәон. Ҳара ҳахьықәгылаз афольклори алитературеи асекциа аҟны акәын, Цира Габниа лажәахә аконференциа аихшьала аныҟарҵоз иалкааны иахцәажәан, иара убас иреиӷьӡоу ажәахәқәа рахь ирхыԥхьаӡаланы асаит аҿы икьыԥхьхоит", — ҳәа азгәалҭеит Габниаԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.