Арадио

Мықәԥҳа еиҭалҳәеит аицлабра "Абжьы зхоу" аԥҟарақәа ртәы

Ашәаҳәаҩ, апроект "Абжьы зхоу" автор Хьыбла Мықәԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит аицлабра шымҩаԥысло атәы.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Мықәԥҳа "Абжьы зхоу" иазкны

"Аконурс хацыркхоит хәажәкыра анҵәамҭазы, хымш ицалоит. Актәи амш азы аҳәаанырцәтәи ашәақәа нарыгӡоит, аҩбатәи азы аԥсуа шәақәа, ахԥатәи аан агала-концерт. Уи иалахәхәоит иаадыруа аԥсуа шәаҳәаҩцәа, насгьы убра иӡыраагоит аԥхьахә аанызкылаз аконкурс алахәылацәа. Ари уаанӡа имҩаԥаагоз апроект еиԥшӡам, рҽаладырхәуеит ашәаҳәара иаҿу, зҽазыҟазҵо ахәыҷқәа, урҭ дара ирымоуп рхатәы арепертуар, нас аконкурс аҿы инарыгӡо ашәақәа рҟнытә иалаҳхуеит ҩба. Ҳара рышәҵатәы рықәгылара ҳхахьы иаагоит, шоу ҳасабала иҟаларцаз", — ҳәа азгәалҭеит Мықәԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.