Уаанӡа изышьҭаз Урыстәыла атәылауаҩ Ԥсоу дааныркылеит

2015 шықәса раахыс заанкылара иашьҭаз Урыстәыла атәылауаҩ урыстәыла-аԥснытәи аҳәааҿ дааныркылеит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 19 – Sputnik. 2015 шықәса раахыс заанкылара иашьҭаз Урыстәыла атәылауаҩ урыстәыла-аԥснытәи аҳәааҿ дааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә Усбарҭа апресс-маҵзураҿы.

Хышықәса раԥхьа 23-шықәса зхыҵуаз Иарославтәи аобласт аҿы инхоз Урыстәыла атәылауаҩ иҩыза иԥҟаразы иус ӡбан. Ацәгьоуразы ақәҵа иоур ҳәа дшәаны иара дыбналеит. Абри ашьҭахь афедералтә шьҭазаара иман.

Уажәы, абри ахаҿы урыстәыла-аԥснытәи аҳәаа ахысра данаҿыз дааныркылеит.

Иаанкылоу ахаҿы шәачатәи аполициаа дрыҭоуп анаҩсан афедералтә шьҭазаара амҩаԥгара аԥшьгаҩцәа дрырҭаразы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә Усбарҭа апресс-маҵзура.