Анаркотикқәа аҳәаа ахыгаразы иаанкылаз Аԥсны атәылауаҩ жәа-шықәса иқәырҵеит

Цәыббрамзазы аҳәынҭқарратә ҳәаа анаркотикқәа рахыгаразы иаанкылаз Аԥсны атәылауаҩ иганахь ала ахарадҵа амчра аиуеит абҵара 26 инаркны.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 20 – Sputnik. Адлертәи араионтә ӡбарҭаҿы 28-шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ ҭакрыла жәа-шықәсеи мызки иқәырҵеит Аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа анаркотиктә маҭәашьар N-метилэфедрона (азеиԥш капан: 1,5 грамм) ахьахигоз азы. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа.

Ахаҵа данааныркылоз иеиқәа аџьыбаҿы ирбеит еилкаам амаҭәашьар злаԥсаз аилаҳәара. Иааныркылаз мап ацәимкит уи шнаркотикыз азы.

Аилаҳәара Шәача ақалақь ААР аексперт-криминалистикатә лабораториахь инаргеит. Уа ишьақәыргылан уи анаркотик N-метилэфедрон шакәыз.

Аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ иганахь ала ашьаус хацыркын. Ахарадҵара азинмчра аиуеит абҵара 26 инаркны.