Арадио

Марыхәба: акәашарақәа ирымазароуп рхатәы ҵакыи, уи злалукааша аҷыдареи

Москватәи ахәыҷтәы аԥсуа кәашаратә ансамбль "Амцабз" злахәыз Урыстәыла афедералтә округ Ахраҿы агаразы Ачемпионат шымҩаԥысыз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ансамбль анапхгаҩы Лаша Марыхәба.
Sputnik
Марыхәба: акәашарақәа ирымазароуп рхатәы ҵакыи, уи злалукааша аҷыдареи

"Шәкы инареиҳаны акәашарақәа ыҟан жәлар рыкәашарақәа рганахьала, ҳара идҳарбеит Аԥсуа кәашареи Акушин жәлар рықәашареи. Аиааира ҳгоит ҳәа сгәы иаанагомызт, избанзар, ирацәан жәлар рыкәашарақәа даара ибзиақәаз, дара реилаҳәашьоума, акомпозициа, атехника аганахьала ирацәан. Анапхгаҩцәа зегьы злахәыз астол гьежь аан хшыҩзышьҭра зҭатәу ириашатәу ҳархәеит. Амилаҭтә ансамбльқәа зегьы гха дууны иҳамоуп иаҳҳәап, Ашьхаруаа рыкәашара зегьы еиԥшны идҳарбоит, ашәҵатәала мацарала ауп еиԥшымзаарас иҳамоу. Иҟазароуп доусы ансамбльқәа рхатә сиужеттә цәаҳәа, убри аганахьала Кавказ ансамбльқәа ҳкәадоуп. Ҳара излаҳго атриукқәеи, аемоциақәеи рылоуп. Иаҭахуп ҳлакәқәа, ҳқьабзқәа аазырԥшуа акәашарақәа рықәыргылара", - ҳәа азгәеиҭеит Марыхәба.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.