Алашарбага аҳаблаҿы арҭҟәацгақәа рбеит

Алашарбага аҳаблаҿы арҭҟәацгақәа рбеит. Абри азы адырра зауз АҶА аусзуҩцәа аҭыԥ ахь инеины арҭҟәацгақәа ашәыра (труба- аред.) иҭыргеит, ишәарҭадыртәит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аҟәа инхо ауаҩԥсы Алашарбага аҳаблаҿы арҭҟәацга џьаԥҳаны дахҭыгәлеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Алашарбага аҳабла иахьаҵанакуа амҩасыҩ хаҵа дахҭыгәлеит ацеллофантә пакет илаҳәаз агранатеи агранатаршәгазы ахи-ахәшәи. Ахаҵа иибаз машәыр ҟанамҵарц АҶА ахь аҭел дасит.

"АҶА аусзуҩцәа аҭыԥ ахь инеиит арҭҟәацгақәа ашәыра иҭыргеит, ишәарҭадыртәит" ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.