Амилаҭтә банк агәалашәаратә ԥсарқәа ҭнажьит

Агәалашәаратә ԥсарқәа: "Нестор Лакоба", "Аԥсуаа рышәҩык" раахәара алшоит Аԥсны акоммерциатә банкқәа рҿы 2018 шықәса абҵара 27 инаркны.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Амилаҭтә банк иҭнажьыз агәалашәаратә ԥсарқәа: "Нестор Лакоба", "Аԥсуаа рышәҩык" раахәара алшоит Аԥсны акоммерциатә банкқәа рҿы 2018 шықәса абҵара 27 инаркны ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Амилаҭтә банк адәныҟатә еимадарақәа рмаҵзура аиҳабы Лиана Агрԥҳа.

Амилаҭтә банк агәалашәаратә ԥсарқәа ҭнажьит

Аԥсар "Нестор Лакоба" 10 номиналк иҟоуп, иналукааша аԥсуа политикатә усзуҩ Нестор Лакоба диижьҭеи 125-шықәса аҵра иазкуп. "Аԥсуаа рышәҩык" рызкуп Актәи адунеизегьтәи аибашьра аилгара 100-шықәса ахыҵреи уи иалахәыз аԥснытәи аибашьцәеи. Амонетақәа ртираж– 100; 300 цыра ыҟоуп.

"2018 шықәса абҵара 11 рзы иҵит Актәи адунеизегьтәи аибашьра еилгеижьҭеи 100-шықәса. Ари ахҭыс адунеи атәылақәа жәпакы рҿы инарҭбааны иазгәаҭан аԥсарқәа рҭыжьрала. Асовет Еидгыла иаҵанакуаз атәылақәа рҿы ари арыцхә хырыҩ аҭан. Иуҳәар ауеит Аԥсны Амилаҭтә банк абри агха арҽеиит ҳәа", - лҳәоит Агрԥҳа.

Амилаҭтә банк агәалашәаратә ԥсарқәа ҭнажьит

Агәалашәаратә ԥсарқәа: "Нестор Лакоба", "Аԥсуаа рышәҩык" раахәара алшоит Аԥсны акоммерциатә банкқәа рҿы 2018 шықәса абҵара 27 инаркны. Рыхәԥса шьақәыргылам избанзар абанкқәа рхаҭақәа роуп аҭиратә хәыԥса шьақәзыргыло лҳәеит Агрԥҳа.

Амилаҭтә банк зыхә дуум аметалл иалхны аԥсарқәа ҭрыжьыр алшоит

Аԥсар ҿыцқәа ринтерес шьҭырххьеит аколлекционерцәа.

Лиана Агрԥҳа ишылҳәаз ала хара имгакәа Британиатәи ажурнал дуқәа руак аҿы "Аԥсуаа рышәҩык" иазку астатиа анылараны иҟоуп. Аԥсарқәа рҭыжьрала Амилаҭтә банк афеида ҟанаҵом, хықәкны иҟоу атәыла аӡыргароуп.

Аусумҭақәа равтор Баҭал Џьапуа ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит Нестор Лакоба изку аԥсар аескиз аидеиа дазхәыцуеижьҭеи акыршааҵуаз, аха инагӡамкәа ишыҟаз.

Амилаҭтә банк агәалашәаратә ԥсарқәа ҭнажьит

"Нестор Лакоба игәалашәара иазку аԥсар ҭыжьтәижьҭеи акрааҵуан. Изыхҟьазаалак иҟаҵамызт абри аус. Уажәы, аиубилеи аламҭалазы иалыршахеит. "Аԥсуаа рышәҩык" ирызку аԥсар акәзар, ааигәоуп аидеиа анцәырҵ. Актәи адунеизегьтәи аибашьра аԥсуаа ралахәра азгәаҭатәны иԥхьаӡан. Аусурақәа хымз инарзынаԥшуа имҩаԥысуан. Иҟан еиуеиԥшым авариантқәа, аха аҵыхәтәаны абри аҿы ҳаангылеит", - иҳәоит Џьапуа.

Аԥсарқәа рыҩбагьы разынлыхуп, "Аԥсны иналукааша ахаҿқәа" асериа иаҵанакуеит.