Арадио

Маланиаԥҳа: афорум "VISIT APSNY" атуризм зырҿио, имҩақәызҵо акәны иаабоит

Аҟәа абҵарамза 20 рзы аусура хнаркәшеит аҩбатәи атуристә форум "VISIT APSNY". Иарбан ихадоу зҵаарақәоу иззааҭгылаз афорум аҿы, насгьы лҵшәас иаиуз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит атурфирма "Аԥсны-тур" ахада Елизавета Маланиаԥҳа.
Sputnik
Маланиаԥҳа: афорум "VISIT APSNY" атуризм зырҿио, имҩақәызҵо акәны иаабоит

"Афорум аҩаӡара шьҭыҵуа иалагеит, ирацәаҩуп раԥхьаӡа акәны Урыстәылантәи, Ҟрымынтәи иааз атуроператорцәа, иҟоуп аекспертцәа. Аԥсшьаҩы ишәарҭадара азҵаара зегьы реиҳа ихаданы зҵаараны ишьҭыхын афорум аҿы. Иара убас урыстәылатәи атуроператорцәа иазгәарҭеит иҳацхраарц шырҭаху атәы, Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иацларцаз. Иҳәатәуп, ас еиԥш афорумқәа рацәахар, Аԥсны иаднаԥхьалоугьы шырацәахоу. Ари атуризм зырҿиоу, имҩақәызҵо акәны иаабоит", - ҳәа азгәалҭеит Маланиаԥҳа.