Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аиубилеи азгәанаҭеит

Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аԥҵан 2014 шықәса рзы. Раԥхьаӡа акәны асолотә концерт Аԥсны имҩаԥнагеит 2016 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" 5 шықәса ахыҵратә иубилеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асценаҿ иазгәанаҭеит абҵара 21 рзы.

Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аиубилеи азгәанаҭеит

"Каданс" анхацыркыз иалаз афҩык, урҭ рмузыкатә аппаратура акыр ишажәхьазгьы амузыкахь ирымаз абзиабареи, имаашьаӡакәа арепетициақәа ахьымҩаԥыргози дара ртәы ҟарҵеит.

Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аиубилеи азгәанаҭеит

"Хәышықәса рыҩныҵҟа "Каданс" ҽаԥара иԥеит уҳәар ауеит. Ҳреспублика аҩныҵҟаиԥш анҭыҵгьы еицырдыруа иҟалеит. Ҟрым, Москва, Питер ирҭааит, аҟыбаҩ днарбеит. Еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҟны аԥыжәарақәа агеит", - ҳәа азгәалҭеит аконцерт амҩаԥгаҩ.

Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аиубилеи азгәанаҭеит

"Каданс" аконцерт хнартит аԥсуа-шәа "Азамаҭ" ала.

"Азамаҭ", "Исхароузеи": "Каданс" асолотә концерт шымҩаԥысыз

Ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа ирыдныҳәаларц асценахь инеиит Артур Лакрба, Манана Братухина. Урҭ ашәа рыцылҳәеит Софиа Ҭарԥҳа.

Аиубилеитә концерт ахь дааиит, ашәа " Исхарузеи" налыгӡеит Лиудмила Гәымԥҳа.

Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аиубилеи азгәанаҭеит

"Сара акыр исцәыуадаҩуп сгәы иҭоу зегь аҳәара. Шәыҩаӡара даара иҳаракуп. Ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп ақәҿиара дуқәа", - лҳәеит Аԥсны жәлар рартистка.

Аиубилеитә концерт хыркәшахеит ҳаамҭазтәи ашәақәа рыла.

Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аиубилеи азгәанаҭеит

Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аԥҵан 2014 шықәса рзы. Раԥхьаӡа акәны асолотә концерт Аԥсны имҩаԥнагеит 2016 шықәса рзы.Еиуеиԥшым жәларбжьаратәи амузыкатә еиндаҭларақәа ирылахәхахьеит. Асахьаркыратә напхгаҩы – Алик Алавердиан.

Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аиубилеи азгәанаҭеит