АҞӘА, абҵара 22- Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра аҵакыраҟны изызҳауа апальмақәа 220 шьапы рыхәшәтәра актәи ахәҭа мҩаԥнагеит ақалақь аиҿкаареи арԥшӡареи знапы иану Акомбинат, абри атәы иҳәеит аусурақәа ирхылаԥшуаз агроном хада Дарел Џьниа.
"Жьҭаара 8 инаркны, абҵара 20-нӡа иҳалҳаршеит апальмақәа 220 шьапы ахәшә арықәҭәара. Аиашазы, раԥхьатәи амшқәа рзы ауадаҩрақәа ҳԥылеит. Џьара-џьара аҵлақәа рахь ҳтехника ҷыда знеиуамызт, иаҳԥырхаган рыкәша-макәша изызҳауаз абнатә ҵиаақәа. Ҳусзуҩцәеи ҳареи апальмақәа рахь ҳназгоз амҩақәа алаҳдеит, ршьапқәа ҳрыцқьеит", - иҳәеит арҭ аусурақәа ирхылаԥшуаз агроном хада Дарел Џьниа.
Апальмақәа рыхәшәтәра иақәырӡу ахарџь ахахьы иагеит араион Ахадара.
"Апальматә бжы ҟаԥшь иаҳнаҭо аԥхасҭеи, уи анырҵәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа арылацәажәаразы Аҟәа имҩаԥысуа аилатәарақәа схы рыласырхәоит. Гагра иҟоу аҭагылазаашьа рыласҳәоит. Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа ихәҭакахьалагьы адгылара сиҭоит, хәшәла сеиқәиршәоит", - ҳәа ҳаилиркааит агроном хада.
Апальматә бжы ҟаԥшь ақәхразы ахархәара аҭоуп апрепарат "Бореи-нео".
Дарел Џьниа иазгәеиҭеит ичмазаҩу аҵлақәа рыдагьы, апрофилактика аҳасабалагьы ахәшә зқәырҭәаз апальмақәа шырацәоу. Агроном хада иҳәеит ахәшәтәра анымҩаԥыргоз аамҭазы ихырымҵәар амуа ишыҟаз ҩ-ҵлак. Иаанхаз реиқәырхара рылшап ҳәагьы агәыӷра имоуп.
Ахәаҷа апальма агәы афоит аҟнытә аҵла излазҳауа ала ақәцә хьынаауеит, убри алагьы егьырҭ ирылубаауеит. Абжы ҟаԥшь ахьҭақәа ҟалаанӡа иазҷыдоуп аԥырра, анаҩс аҽаҵәахуеит.