Рауль Ҳаџьымба Аинвестициатә программа аҿиара далацәажәеит

Аԥсны ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа ахадеи абҵара 21 рзы реиԥылараан иалацәажәеит Аинвистициатә программала аусура шымҩаԥысуа атәы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путини абҵара 21 рзы реиԥылараан иалацәажәеит Аинвистициатә программала аусура шымҩаԥысуа атәы, иазгәарҭеит уи хра аманы ишыҟоу ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини абҵара 21 рзы еиԥылараны иҟоуп

"Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп еиҭа аиҧыларазы аҭагылазаашьа ахьҳамоу азы. Нанҳәамзазтәи ҳаиҧыларақәа рышьҭахь, иҟоуп ҳазлацәажәаша азҵаарақәа. Ҳаиҧыларақәа шьҭа атрадициатә ҟазшьа рымоуп, урҭ ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгыло аизыҟазаашьақәа ртәы аҳәоит", - ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аинвистициатә программала аусурақәа шьахәла ишымҩаԥысуа.

"Ари аамҭа аҩныҵҟала Аинвестпрограмма ацәаҳәала аусура мҩаҧысуеит. Иҟоуп аихьӡарақәа. Аҵакы рымоуп ҳара ҳзы иара убас Аинвестициатә усбарҭа ахырхарҭала имҩаҧысуа аусурақәагьы. Иҟоуп зхыркәшарахьы инеиуа аобиектқәа. Иҟоуп инагӡоу аусмҩаҧгатәқәа, аобиектқәа аусура нап адыркит, ҷыдала, аграртә ҟәшаҟны; иара убас шәареи сареи ҳазлацәажәоз Аинформациатә-координациатә центр, атәылахьчаратә усбарҭақәа рхырхарҭала аусурақәа мҩаҧысуеит. Абри ашықәс аҩныҵҟала имҩаҧгоуп 94 инареиҳаны усмҩаҧгатә, урҭ ҳарратә усбарҭақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа аҿиара ишаҿу рныҧшуеит. Ари Аҧсназы акраҵанакуеит, даҽазныкгьы ҳаизыҟазаашьақәа рышьақәырҕәҕәара иацхраауеит", – иҳәеит Ҳаџьымба.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан цәыббра 9 2008 шықәса рзы, Урыстәыла официалла нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь.

Аԥсны ААР: Ҳаџьымбеи Путини реиԥылара азыԥхьагәаҭан

Абри аамҭақәа инарылагӡаны анапы рыҵаҩуп 100 иреиҳаны аиқәшаҳаҭрақәа.

2014 шықәса рзы имҩаԥысит Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини раԥхьатәи реиԥылара. Усҟан дара рнапы аҵарҩит Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩын Путин шәачатәи ирезиденциа "Бочаров ручей" аҿы абҵара 24, 2014 шықәса рзы.

Аҩбатәи аиԥылара мҩаԥысит лаҵарамза 15, 2015 шықәса рзы, Шәача. Аиԥылараан азхьаԥшра аҭан Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа рынагӡара шымҩаԥысуа.

Аԥсныи Урыстәылеи аекономикеи ашәарҭадареи русхк аҟны реинырра иалацәажәан Москва, жәабран 18, 2016 шықәса рзы.

Пицунда, нанҳәа 8, 2017 шықәса рзы имҩаԥысит аԥшьбатәи аиԥылара. Усҟан анапы аҵаҩын Амедицинатә ԥгаԥса аиҿкаара аусхк аҟны аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра.