Украинатәи ар Горловкеи Донбасси ирылахысуеит

Уаанӡа, Донецктәи жәлар рреспублика жәлар рмилициа Аусбарҭа апресс-маҵзура аиҳабы Даниил Безсонов аҳәамҭа ҟаиҵахьан украинатәи аруаа Горловка ажәлара рыгәҭакуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 22 — Sputnik. Донецк ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Иван Приходько аҳәамҭа ҟаиҵеит иахьа украинатәи аруаа Донецки Горловкеи ркалҭ иахьаҵанакуа иалахысуан ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Украинатәи арратә мчрақәа Горловка иажәлар ҟалоит

"Азениттә шьақәгылақәеи БМПқәеи рыла ахысрақәа мҩаԥысуеит. Больничнаиа амҩа аҩны 21 ахы ақәшәеит", - ҳәа иҩуеит Приходько Telegram-канал аҿы.

Ахәрақәа зауз ма иҭахаз рганахь ала информациа ыҟам.

Горловка 40 километр Донецк иацәхыкуп. Ақалақь аҿы инхоит 250 000-ҩык ауааԥсыра.

Украина анапхгара 2014 шықәса рзы Донецктәии Лугансктәии жәлар рреспубликақәа ирҿагыланы аибашьра хдыртлеит. Абри аамҭа иалагӡаны иҭахахьеит жәа-нызқьҩык инарзынаԥшуа.