Украинатәи арратә мчрақәа Горловка иажәлар ҟалоит

© Sputnik / Михаил МаркивФлаг Украины
Флаг Украины - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа ОБСЕ аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәыла ахаҭарнакс иҟоу Александр Лукашевич аҳәамҭа ҟаиҵахьан ОБСЕ амониторингтә миссиа ишьақәнарӷәӷәеит акомплексқәа С-300 Донбасс, Володартәи араион ахь украинатәи амчқәа ишнаргоз ҳәа.

АҞӘА, абҵара 19— Sputnik. Донецктәи Жәлар рреспублика Жәлар рмилициа аусбарҭа апресс-маҵзура аиҳабы Даниил Безсонов аҳәамҭа ҟаиҵеит украинатәи амчрақәа ахимиатә зауад "Стирол" аҟны адиверсиа рыгәҭакуп, уи ашьҭахь Горловка иажәларц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Адиверсиа иахықәкуп —аекологиатә рыцҳара аԥҵаны массала ауааԥсыра ахыргартә аҟаҵара. Иара убри ала Горловка зыхьчо ДЖәР арратә мчрақәа уахь рхы дырхарц рҭахуп" - иҳәеит иара.

Безсонов иара убасгьы еиҭеиҳәеит ааигәа Курахово иҟоу акәылӡтәи техника асклад аҿы аԥжәара шыҟаз. Аҵыхәтәантәи амшқәа рыҩныҵҟала украинатәи аруаа 18 ахысра арежим еиларгеит. Аиланхарҭа "Трудовская" алахысраан ахәра иоуит аҭыԥантәи аҭынч уаҩԥсы.

2014 шықәса раахыс аҭагылазаашьа аҭшәныртәаларазы адокументқәа акыр шрыдыркылахьогьы аимак зыбжьоу реиҿахысрақәа еиқәтәом.

Ажәабжьқәа зегьы
0