Урыстәыла адәыӷба ццакқәа рҭыжьра иалагараны иҟоуп

УА рхолдинг аҩашаҽны иӡырнагеит раԥхьатәи урыстәылатәи адәыӷбаццакқәа рконцепт.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 22— Sputnik. Урыстәылатәи аихамҩақәа рдиректор хада Александр Мишарин иҳәеит адәыӷбарццакқәа Урыстәыла рҭыжьра ишалаго анаплакқәа ҩба. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәылатәи аихамҩаҿ ахархәара рыҭахоит аплацкарт вагон ҿыцқәа

"Аӡыргараҟны ицәырго зегьы Урыстәыла иҭыжьхо. Иахьа ирықәкны иҟоуп анаплакқәа ҩба: актәи – "Уральские локомотивы" Siemens ацырхыраан, аҩбатәи — китаитәи ҳколлегацәеи ҳареи еицҳаргылараны иҟоу азауад", - иҳәеит Мишарин афорум "Транспорт России" аҟны иқәгылараан.

Урыстәыла макьаназ иҟам асеиԥш иҟоу адәыӷбақәа зықәныҟәаша аихамҩақәа, аха аус адулара иаҿуп апроектқәа урҭ рыргыларазы.

Урыстәылатәи аихамҩақәа уаанӡагьы иазгәарҭахьан асеиԥш иҟоу адәыӷба ҿыцқәа Урыстәыла рҭыжьра шхымԥадатәиу.

Актәи апроект ахь иаҵанакуеит аихамҩа Москва-Казань, уи ашьҭаҵара ахәԥса иартәоит 1,7 триллион мааҭ. Аҩбатәи – Москва-Гороховец (Владимиртәи абласт) — ахәԥса иартәоит 621,5 миллиард мааҭ.

Ԥхьаҟазы иазыԥхьагәаҭоуп еиҳа инарҭбаау апроект: "Евразия", Китаии Европеи еимаздо аихамҩа.