Арадио

Ахба еиҭеиҳәеит Шәача атурагентцәа рконгресс аҿы Аԥсны зызҿлымҳаз

Акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Шәача имҩаԥысуаз атурагентцәа рконгресс атәы.
Sputnik

Ахба еиҭеиҳәеит Шәача атурагентцәа рконгресс аҿы Аԥсны зызҿлымҳаз
"Шәача есышықәса имҩаԥыргоит атурагентцәа рконгресс. Ҩышықәса инеиԥынкыланы аконгресс иалахәуп Аԥсны. Уаҟоуп иахьыӡбазгьы сынтәа Аԥсныҟа иааз аԥсшьаҩцәа мҩаԥызгоз аретро-поезд амаршрут. Сынтәа еиҳарак ҳазлацәажәоз аҩныҵҟатәи апроблемақәеи, атуристтә наплакқәеи роуп: иҟоу атуроператорцәа атурагентцәа асиа ишҭагалатәу, аԥгаԥса ирымоу агәаҭара. Урыстәыла аҩныҵҟа иҟоуп аус зуаз атуроператорцәа, аха аҵыхәтәантәи аамҭаз ирҭииз апутиовкақәа еиқәшәаӡамызт, ажәлар зжьазгьы ҟалеит. Ҳара ҳазҿлымҳан ахәыҷтәы туризм азы иҟаҵатәу, иарбан еиқәшаҳаҭрақәоу иҳабжьаҳҵаран иҟоу ҳхәыҷқәа аԥсшьараамҭа рхыргартә еиԥш, еиҭанеиааиларцаз", — ҳәа азгәеиҭеит Ахба.