Џьыкырԥҳа еиҭалҳәеит ашьамаҟа ҵакыс иамоу
© Sputnik
"Ашьамаҟа аргылара аетнографцәа ҳабжьара иахылҿиааит ацәажәарақәа, иаҭахымзар ҟалап ҳәа. Аԥсуаа ашьамаҟа зыҟарҵоз, абӷьыцқәа реиԥш иарҭоз (иара ҵлан), ашьамаҟа еиқәҵаны изрырҭоз алашара рыбжьазарцаз ауп, наҟ-наҟ аԥсҭазаара ҟаларцаз. Убри ауп ҵакыс иамаз. Ари ашьамаҟа иаҳнарбо убарҭ рыԥсы аԥсадгьыл иаларҵеит, аха нас аԥсҭазаара ҟаларазы, убарҭ рхы ақәырҵеит, убри ауп иҳанаҳәо амузеи аҿы игылоу ашьамаҟа", — ҳәа азгәалҭеит Џьыкырԥҳа.