Ҭыжәԥҳа апоезиа ахәылԥаз иазкны: иалкаау ажәеинраалақәа иалкаау актиорцәа рҟынтә
© Sputnik
"Ажәеинраалақәа ирыԥхьоит еицырдыруа аԥсуа театр актиорцәа Виолетта Маан, Ирина Коӷониаԥҳа, Кьасоу Ҳагба, Геннади Ҭарба, аҿаргьы ари аус рхы аладырхәуеит. Аԥсуа литература аҭоурых дууп, аԥсуа литератураҿы иҟоуп ажәеинраала ҟаимаҭқәа, ҵакылеит ҭоурыхлеи ибеиоу. Иарбанзаалак ажәеинраала иацзаауеит имаҷу ақәыргыламҭа, уи ахәаԥшцәа иргәаԥхап ҳәа ҳақәгәыӷуеит", — ҳәа азгәалҭеит Ҭыжәԥҳа.
Абҵарамза 29, асааҭ 19:00 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысуеит апоезиа ахәылԥаз. Актоирцәа ирыԥхьоит аԥсуа литература аҟны иалкаау ажәеинраалақәа.