Аԥҳәыс амашьына ныҟәызцо еиуеиԥшым алафқәа лылырхуеит. Аха Аԥснытәи ҳамҩақәа рҟны иԥаҳшәозар, "аграната змоу амаамын иаҩызоу" аҳәса ракәым, шәазусҭцәоу усгьы шәхы жәдыруеит…
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
"Аибашьра ашьҭахьтәи аибашьра" аамҭа ҳҭагылоуп иахьа. Ҳабдуцәеи, ҳабацәеи, ҳашьцәеи ҳтәыла аӷа далцаны Аиааира ҳзааргеит. Уи ҳара ҳхы иархәаны аҿиарамҩа ҳанымлакәа, ҳанзырҵәо ашьцыларақәа шьҭаҳхит. Аццакра, арыжәтә, анаркотик уҳәа реиԥш иҟоу аӷацәа ҳарҳаит. Зыхшыҩ иаԥшәымоугьы, "аҩсҭаа иркәашо" ауаҩы дихҟьаны амашәыр данақәшәо рацәахеит, еиҳараӡакгьы ҳамҩақәа рҟны.
Иахьа амашьынарныҟәцаҩцәа аӡәырҩы, ҷыдала ахацәа рхымҩаԥгашьа сазааҭгыло исҳәар сҭахуп, уи зынӡа ҳәаак иҭагӡам. Дара рзы иҟам аԥҟарақәа, аӡәи-аӡәи ҳаҭыр рыбжьам, уимоу ирыцу апассаџьырцәагьы хьаас иркым. Амҩан ирԥыло амашьына аԥсҟы зку аԥҳәыс, дуаҩуп ҳәагьы дырԥхьаӡом, илаԥасны амашәыртә ҭагылазаашьа дақәдыршәоит, асигнал ҟаҵо "бнаскьа" ҳәа "илыҵаҟьоит", ианлывсуагьы рлакҭа дырцәгьоит. Уи аамҭазы дара зынӡагьы рхахьы иааргом, лыхшара роума иара илыцзаалакгьы рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭалыргылоит, дыҭрысны жракы лыҽҭалыжьып, мамзаргьы акы данҟьап ҳәа.
Аӡәыр ишәаҳахьоума, Аԥсны амашьына ныҟәызцо аԥҳәыс аҩы дашьны аԥсҟы лкын, амҩатә ԥҟарақәа еилалгеит, дыццакны дцон ҳәа лзырҳәо. Хымԥада, мап! Лара иазгәалҭо амашьынарныҟәцаратә культура иацәыхароуп ахацәа аӡәырҩы.
Хаҭала сара амашьына сырныҟәо салагеит ҩымз раԥхьа. Аԥышәа шсымамгьы, аӡәгьы итранспорт цәысымҟьеит, акагьы смасит, амала Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ҩынтә Бзыԥҭа сааныркылахьеит. Сқьаадқәа анҭырҵаауаз, ҳашьҭахь иааиуаз амашьына руаӡәы ақьышә дықәҵаны даршәхьан умҳәозар, аха уи даҽа ҭоурыхуп…
Иазгәасҭарц сҭахуп, абри аамҭа иалагӡаны сыла ишабаз аилагарақәа жәпакы, исҳәар ауеит есыҽны ҳәа.
Ацҳа ҭшәақәеи, иарку абжьаларҭақәеи, асветофори уҳәа рҟны исаԥасуеит, џьоукы сҿалоит. Ақалақь агәҭа, мамзаргьы ауаа ахьеиланхо 60 км. кны санцо асигнал сырҭоит, уи ала ишсықәымчуа сеилдыркаауеит абыргцәеи аҿари неибеиԥшны. Иԥышәарччо сеибадырбоит, ашәарҭадаратә маҟа ахьныҟәызгогьы.
Абри аҭагылазаашьа аусураҟны саналацәажәа, сҩыза Ҭемыр Ақаҩба исабжьигеит смашьны ашьҭахь аԥсҟы зку дышԥҳәысу, насгьы аԥышәа шлымам уазҳәо адыргақәа ақәсырҷабырц. Ус иагьыҟасҵеит, аиашазы исыхәошәагьы збоит. "Амашьына аԥсҟы зку аԥҳәыс, аграната змоу амаамын даҩызоуп" ҳәа лафны ирҳәо агәра зго ахацәа сывалаӡом, аӡәык-ҩыџьак рыда.
Амашьына арныҟәашьа сзырҵаз сҩыза Зарина Коӷониа 30 шықәса инареиҳаны аԥсҟы лкыуп. Лара илҳәоит асовет аамҭақәа раан, абас еиԥш амҩаҟны ахымҩаԥгашьа ыҟамызт ҳәа. Избанзар усҟан азакәан ӷәӷәала аус ауан, "ауа, иуа" ҳәа акәымкәа. Зарина лыбзоурала, атранспорт арныҟәара акәым, амҩақәа рҭаҟәаҿрақәагьы ҭыԥ-ҭыԥла иахьыҟоу гәныскылеит.
"Аибашьра ҟалаанӡа, усҟан саргьы сқәыԥшын, сани сареи машьынала Аҷандарантәи ҳшаауаз, қырҭуа ҷкәынак амҩа аҿықә ала цасҳәа даасывалеит, азныказы сшәеит, аха нас иара иганахь ала аԥсҟы ансыргьежь, иблақәа ҭырхаха дыццакуа ԥхьаҟа дцеит. "Ус ауп изыҟоу, уара уакәызма ҳара ҳзыршәоз" лҳәеит сангьы. Бзыԥҭа ҳанааи, Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ҳааныркылеит. "Аҭыԥҳа, адырра ҳауит ижәны амашьына ныҟәышәцоит" ҳәа. Хымԥада, ацәгьа зҳәаз даҳдырит. Уи аамҭазы даргьы еилыркааит ирзашшыз игәаанагара дшажьаз", — ҳәа дзықәшәахьаз ахҭыс сзеиҭалҳәеит Зарина, амҩаҟны ахацәа рхы шымҩаԥырго сазгәамҵуа саналага.
— Саида! Амашьына анныҟәыбцо баԥхьаҟа адагьы, зехьынџьара блала аҭагылазаашьа ҭҵаала ҳәа сабжьылгоит аԥышәа дуӡӡа змоу сҩыза амашьынарныҟәцаҩ. Саргьы сгәы сҽануп, "ахагацәа" срыцәшәоит мшәан.