Арадио

Габниа еиҭеиҳәеит азакәан хадаҟны ԥсахрас иҟалар зылшо атәы

Аԥсны ахада иусбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны дазааҭгылеит атәыла азакәан хада иалагалахар зылшо аԥсахрақәа руак.
Sputnik

"Ҳара аԥышәа ҳамаӡам Аконституциа лассы-ласс иҳаԥсахуа. Иҟаҵоу алагалақәа аԥсахрақәа рацәаӡам, аха зегьы иаҭахны иҟаз роуп. Аполитикатә партиақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа жәашықәса рыҩныҵаҟа иазгәарҭон, алагалақәа аҭахуп анагӡаратәи азакәанԥҵаратәи мчқәа реизыҟазаашьаҟны ҳәа. 2018 шықәсазы атәыла ахада адепутатцәа рганахь ала иҟаиҵаз анашьҭымҭаҟны иазгәеиҭеит, ус еиԥш алагала ҟаҵатәуп ҳәа. Иахьазы аԥыза-министр атәыла ахада дықәиргылоит, иара ажәалагала ҟаиҵеит Аминистрцәа Реилазаара аиҳабы икандидатура Жәлар Реизара адепутатцәа ишьақәдырӷәӷәаларц. Уи Аконституциахь лагалоуп. Уи азы ишахәҭоу амеханизм ҟаҵатәуп. Сгәанаагарала, аполитикатә мчрақәа уи рҭахуп, иазыразуп", — иҳәеит Габниа.

Анҵамҭа иаҳа инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит ардио Sputnik Аԥсны аефир аҟны асааҭ 18 рзы.