Арадио

Кәакәасқьыр: Аконституциа иалагалоу аиҭакра хада ҳҳәынҭқарра астатус иазкуп

Аԥсны Жәлар реизара ахәбатәи ааԥхьара адепутатс иҟаз Ахра Кәакәасқьыр адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иаликааит игәаанагарала Аԥсны Аконституциа иалагалоу иаҳа ихадоу аиҭакра. Абҵара 26 – Аԥсны Аконституциа иамшуп.
Sputnik

"Сара зегь раԥхьа иргыланы ихадоуп ҳәа сыԥхьаӡоит Аконституциа ахаҭа ахьҳамоу. Уи ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳшыҟоу шьақәнарӷәӷәоит. Аԥсахрақәа, аиҭакрақәа иалаҳгалаз ртәы ҳҳәозар, актәи ахы аҟны иарбоу аҳәынҭқарратә астатус алацәажәара, уи аиҭакра азин ҟалаӡом. Уи еиҳау аиҭакра алаҳгалахьеит ҳәа сгәы иаангом. Ари аԥсахра Жәлар Реизара ахәбатәи ааԥхьара адепутатцәа ирыдыркылеит 2014 шықәсазы", — иҳәеит Кәакәасқьыр.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.