Арадио

Лагәлаа еиҭеиҳәеит Тҟәарчал араион аҿы ацҳа ҿыцқәа рыргылара анхыркәшахо

Аҳәынҭқарратә наплакы" Аԥсныргылара" анџьныр хада Амиран Лагәлаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Тҟәарчали Бедиеи еимаздо амҩаҿы ацҳақәа хԥа рҟны ицо аусура атәы.
Sputnik

"Раԥхьа ҳаналагоз еиҭашьақәыргылатәуп ҳәа ауп ҳшлагаз, аха ҳанахәаԥш еилаҳкааит, ажәытә цҳа ашьаҟақәа шыбзиам. Ацҳақәа рыхԥагь ршьапқәа шьҭыхны иҟаҳҵахьеит. Уажәы аҭарҭәара ҳаҿуп. Амашьынақәа неиааиуа иҟоуп ажәытә цҳала, урҭ ааныжьны аганаҿы аргылара ҳаҿуп. Аусурақәа ҳрылагеижьҭеи мызкгьы ҵуам, ари амз нҵәаанӡа ҳалгарц акәын, аха амш иҳанамҭеит. Ԥхынҷкәынмза аҽеиҩшамҭаз ҳалгаран ҳаҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Лагәлаа. 

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.