Арадио

Занҭариаԥҳа Саида Гәынба илызкны: лыхьыӡ абиԥарақәа еимырдалоит

Абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнак Жанна Занҭариаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәалҭеит аихьӡара дуқәа аазырԥшхьаз аспортсменка Саида Гәынԥҳа лыхьӡ абиԥарақәа ишеимырдало.
Sputnik

"Саида Гәынԥҳа лыӡбахә аҳәара сцәыуадаҩуп, избанзар Аԥсны дацәыӡит еицырдыруа аспортсмен бзиа. Лара ҳтәыла ахьӡ ҭылгеит, Москва 1980 шықәса рзы Аолимпиатә хәмаррақәа аныҟаз ашықәсан. Аԥсуа ҭыԥҳа лылшара иахьагьы ҳара ҳзы акыр зҵазкуа акәны иҟоуп. Лара ауаҩра лылан, дуаҩԥсыцқьан. Аибашьра ианалага ҳашьцәа днарывагылан, лхы дамеигӡа деибашьуан. Лџьабаа дууп", — ҳәа азгәалҭеит Занҭариаԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.