Арадио

Корсаиаԥҳа: аинтернет цәырҵит ҳәа ателехәаԥшра ыӡуам

Ателехәаԥшрала ауаа ироуеит ииашоу аинформациа, уи агәра ргоит ҳәа азгәалҭеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ажурналист, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа.
Sputnik
Корсаиаԥҳа: аинтернет цәырҵит ҳәа ателехәаԥшра ыӡуам

"Аҭоурых аҿы ибзианы иаадыруеит, раԥхьаӡа акәны акино анцәырҵ ирҳәон, шьҭа атеатр ахь ицода ҳәа. Аха атеатр ахатә ҭыԥгьы аиуит, акино ахь ицогьы дҟалеит. Ателехәаԥшра анцәырҵ ирҳәон шьҭа атеатри акинои зҭахыда ҳәа. Аха уигьы иара ахатә ҭыԥ аиуит. Аинтернет цәырҵит ҳәа ателехәаԥшра аҵакы ыӡуам. Ауаажәларра ателехәаԥшрала ироуеит ииашоу аинформациа, убри азы иара ԥхьагылаҩык еиԥш иҿырԥшны иҟазароуп. Ауаҩы амҩа иаша дықәзырԥшуа акәны иҟазароуп", — ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.