Арадио

Џьениа еиҭеиҳәеит "Иреиӷьу асахьаҭыхыҩ- 2018" дшаалкаахо атәы

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ацәыргақәҵатә зал хадаҿы "Иреиӷьу асахьаҭыхыҩ- 2018" ҳәа аԥхьахә агаразы имҩаԥгахо ацәыргақәҵа атәы.
Sputnik
Џьениа еиҭеиҳәеит "Иреиӷьу асахьаҭыхыҩ- 2018" дшаалкаахо атәы

"Асахьаҭыхыҩцәа зегьы ари ацлабра иалахуп. Асахьаҭыхыҩцәа Реидгылаҿы иҟоуп ахеилак, дара ашықәсан иалкааз аусумҭақәа аконкурс ахь инаргоит. Иара убас, аицлабра рхы аладырхәыр ауеит асахьаҭахыҩцәа ҿарацәагьы. Ашықәсан иреиӷьу ҳәа иалкаахо аусумҭа, мышкы, агалериаҿы ицәыргақәҵахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Џьениа.