Даур Ақаҩба Қырҭтәыла апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ лажәақәа ахҳәаа риҭеит

Қырҭтәыла апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ирма Инашвили аҳәамҭа ҟалҵеит, Москвеиԥш Бриуссель, Страсбург, Аҟәа аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара дшазыхио.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Facebook аҿы аҭак ҟаиҵеит Қырҭтәыла апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ирма Инашвили лҳәамҭа. Ирма Инашвили аҳәамҭа ҟалҵеит Москвеиԥш Бриуссель, Страсбург, иара Аҟәа аԥсуаа рыҿцәажәара амҩаԥгара дшазыхиоу. Лара лажәақәа рыла, аԥсуаа рыда атәыла аидкылара залшом.

"Аԥсуа еилазаараҿы асеиԥш иҟоу аҳәамҭақәа рганахь ала аиммунитет бзиа шьақәгылахьеит. Ақырҭуа политикцәа апопулист цәажәара иашьцылоуп, аиҳаракгьы алхрақәа рыламҭалаз", — ҳәа иҩуеит Ақаҩба.

Ақаҩба ихьааганы иазгәеиҭеит "ииасыз ашықәсқәа зегьы рыҩныҵҟа Қырҭтәыла изеиҿкаамхааит иарбанызаалак политикатә мчык – арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа ишыҟоу еиԥш ахәшьара азҭаша".

"Абри инадҳәаланы ақырҭуа коллегацәа ирабжьызгар сҭахуп ҟәышрыла, иҟоу шыҟоу ирыдкыланы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи асуверинитети азхарҵарц", — иҳәеит адәныҟаполитикатә усҳәарҭа аиҳабы.

Уаанӡа, аоппозициатә партиа "Альянс патриотов" Аҟәеи дареи рыбжьара адиалог амҩаԥгара ишадгылаҩцәаз рҳәеит.