Даур Ақаҩба: Киев имҩаԥнаго апровокациа иахылҿиаауа иазхәыцӡом

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Украина арратә ҭагылазаашьа алагалара шьақәзырӷәӷәо "Верховная рада" ауп. Иара иааиуа ашәахьаҽны еизароуп абри азҵаара аӡбразы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Facebook аҿтәи идаҟьаҿы Керчтәи аӡыбжьахалаҿ иҟоу аҭагылазаашьа провокациоуп ҳәа ахиҳәааит.

"Керчтәи аӡыбжьахалаҿы Украинатәи амчрақәа имҩаԥыргаз апровокациа хымԥада "америкатәи рпартниорцәа" ақәшаҳаҭны имҩаԥган. Иара иаанарԥшуеит тәылақәак жәларбжьаратәи азин анормақәеи апринципқәеи хырыҩ шрырҭо", — ҳәа иҩуеит Ақаҩба.

Аминистр иазгәеиҭеит Украина анапхгара иҟарҵо ахылҿиаарақәа ишырзымхәыцуа, дара ирыгәҭаку Амшынеиқәатә регион аҟны иҿымцәааӡо аибарххаратә ҭагылазаашьа аԥҵароуп ҳәа.

Ҳагба Керчтәи аӡыбжьахаҿы аҭагылазаашьа иазкны: атәылақәа еичзырчо ахҭысқәа рацәахоит

"Асеиԥш иҟоу авантиура ҭакда инымхароуп. Аҭынчреи аҭышәынтәалареи ринтересқәа ООН Ашәарҭадаратә хеилак арратә ескалациа ақәыӡбара ҟанаҵараны иаԥхьаӡоит", — иҳәеит аминистр.

Уаанӡа Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵахьан Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа аанкылахеит.

Украина Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭала арратә ҭагылазаашьа алагалара шьаҭас иҟаҵаны арратә мчрақәа азыхиара ҳаракы рымоуп.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Украина арратә ҭагылазаашьа алагалара шьақәзырӷәӷәо "Верховная рада" ауп. Иара иааиуа ашәахьаҽны еизароуп абри азҵаара аӡбразы.