ДЖәР аинырратә цәаҳәаҿы ахҭысқәа иарбанызаалак аҿиара роур алшоит ҳәа иԥшуп

Уаанӡа Борис Грызлов аҳәамҭа ҟаиҵахьан, украинатәи аруаа рымчрақа Донбасс аизакра иаҿуп, аинырра ацәаҳәахь БМП-қәеи атанкқәеи адырхалоит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 27— Sputnik. ДЖәР Жәлар рмилициа Аусбарҭа апресс-маҵзура аиҳабы Даниил Безсонов аҳәамҭа ҟаиҵеит Донецктәи Жәлар рреспублика ар аинырратә цәаҳәаҿы аҭагылазаашьа иарбанызаалак аҿиара аиур алшоит ҳәа иазыԥшуп Киев арратә ҭагылазаашьа алагалатәуп ҳәа аӡбра аднакылеижьҭеи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

ДЖәР (ДНР) ахьыԥшымра алацәажәара заацәоуп

"Ҳара ҳазыхиоуп иарбанызаалак ала аҭагылазаашьа аҿиашьа. Арратә мчра алагалара ар еиҳа иарӷәӷәоны иҟам, аха ари политикатә ӡброуп. Уи иаруадаҩуеит атәылауаа рыԥсҭазаара, рыбзазара", — иҳәеит Безсонов.

Ашәахьаҽны, Украина ахада иалхрақәа раамҭа мызк бжьаны, Урыстәыла аҳәаа украинатәи аӷбақәа иахьеиларгаз иахҟьаны Украина аӡбра аднакылеит арратә ҭагылазаашьа алагалазарц.

Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Украина ахада Пиотр Порошенко. Аӡбра шьақәдырӷәӷәароуп "Верховная рада" аҿы.

2014 шықәса мшаԥымзазы Украина аиҳабыра арратә операциа иалагеит Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа ирҿагыланы. Абри аамҭа иалагӡаны иҭахахьеит жәа-нызқьҩык ауааԥсыра.