Арадио

Ҳагба: Украина алхрақәа рҟны адәныҟатәи афактор акырӡа рхы иадырхәоит

Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәеиҭеит Украина алхрақәа рҟны адәныҟатәи афактор акыр рхы иадырхәалоит ҳәа.
Sputnik
Ҳагба: Украина алхрақәа рҟны адәныҟатәи афактор акырӡа рхы иадырхәоит

"Алхрақәа ааигәахацыԥхьаӡа аҳәынҭқарақәа рҟны аинформациатә хархәагақәа зегьы ибзианы рхы иадырхәоит. Алхратә еиҿагылараҟны адәныҟатәи афактор ҳәа изышьҭоу Украина апроцессқәа рҟны акырӡа аҵанакуеит. Иахьа уи атәылаҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа рыла иаҳбоит аҳәынҭқарра дуқәа шеиҿанагалаз. Порошенко икәша-мыкәша иҟоу аичырчарахь уажәы изиасуа, алхыҩцәа шахәаԥшуа рбоит, абыжьқәа дырҳар рҭахуп. Аимак ада аҭагылазаашьа рҽеишьа ахьамоугьы аичырчарахь инаргоит. Уи ибзианы рхы иадырхәоит аполитикатә технологцәа. Иаагозар, Украина маидан аҟны имҩаԥысуаз ахҭысқәа, аполитикцәа —авантиуристцәа ақәгыларақәа рхы ишадырхәаз бзианы иаҳбеит. Аха иахьазы Порошенко ида даҽаӡәы далырхыртә иҟам. Америкатәи аштатқәа, Германиа, Франциа дырҩегь иара днаргап ҳәа ауп, уимоу, сзыԥхьо анҵамҭақәа рыла иара актәи атур аҟны даиааиуеит ҳәа игәы иаанагоит", — иҳәеит Ҳагба.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.