Ҳаџьымба Аинвестициатә программазы: апроекттә документқәа еицыҟаҳҵалоит

Рауль Ҳаџьымба Аинвустициатә программа апроекттә документқәа реицыҟаҵара - адокументқәа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵраҿ ауадаҩрақәа аԥнарҟәҟәаауеит ҳәа ишьоит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аинвестициатә программа апроекттә документқәа реицыҟаҵара адокументқәа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵраҿ ауадаҩрақәа аԥнарҟәҟәаауеит, уи азы аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп ҳәа иҳәоит Рауль Ҳаџьымба абҵара 21 азы имҩаԥысуаз абрифинг аҿы.

Апроект-сметатә документациа аусеицадулара ауадаҩрақәа аԥнахраны иҟоуп иҳәоит атәыла ахада.

Рауль Ҳаџьымба Аинвестициатә программа аҿиара далацәажәеит

"Адокументқәа рынеиҭаҵ-ааиҭаҵраҿы ауадаҩрақәа ыҟан, иагьынхоит. Иаҳзаарышьҭуа аԥарақәа рхархәара акәзар, заҟа ҳарҭаз аҟара ҳахгьы иаҳархәоит. Уи азы агәыҩбара змоу аӡә дыҟазар, изазҵааша аструктурақәа ыҟоуп, уахь иадҵаалааит", — иҳәеит ахада.

Аԥсны ахадеи Урыстәыла ахадеи аиԥылара рыман абҵара 21 рзы. Аиԥылараан Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аизыҟазаашьақәа астратегиатәии апартниортәии ҟазшьа рыманы ишыҟоу.

Урыстәыла ахада иакәзар, иҳәеит агәахәара шинаҭо аԥснытәи иколлега иԥылара, иазгәеиҭеит Аԥсны ахада иахәҭоуп ҳәа ииԥхьаӡо азҵаарақәа рылацәажәара дшазыхиоу.

Аҳәынҭқаррақәа рыҩба рыбжьара, 2008 шықәса азы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи ахақәиҭреи аназханаҵа ашьҭахь, 100 инареиҳаны еиқәышаҳаҭра рнапы рыҵарыҩхьеит.