Харчлаа: ашьапылымпыл маҷ азы аицлабрақәа азҿлымҳара рымоуп
© Sputnik
Абҵара 26 рзы ашьапылампыл маҷ азы Аԥсны ахраҿа агаразы аицлабрақәа ирылагеит.
"Уажәтәи аицлабрақәа 24 команда рылахәуп. Ҳаԥхьаҟа урҭ рхыԥхьаӡара ишацло агәра згоит. Арҭ аицлабрақәа рылҵшәақәа рыла актәи аҩбатәи алигақәа рахь иақәшәо ҟалоит. Ашьапылымпыл маҷ абзиабаҩцәа рацәоуп, џьарак аус еицызуа еиднакылоит, ахәмаррақәа азҿлымҳара рымоуп. Араионқәа рҟынтәи акомандақәагьы алахәуп. Арҭ аицлабрақәа азҿлымҳара рымоуп азоуп аҷкәынцәа ҳаидтәаланы изаҳаӡбаз ашьапылымпыл маҷ азы Афедерациа аԥҵара", — иҳәеит Харчлаа.