Арадио

Џьугьелиа: аԥсышәала ицәажәаз Аҟәырҟан аиҭага адунеи ҿыц исзаатуашәа снарбеит

Аԥсны амуфти хада иҳаҭыԥуаҩ Абдураҳман Џьугьелиа арадио Sputnik аҟны игәаанагара иҳәеит Октаи Ҷкотуа аԥсшәахь еиҭеигаз Аҟәырҟан иазкны.
Sputnik

"Ҭоурыхла ишыздыруа, раԥхьаӡа акәны аԥсшәахь еиҭагоуп, убри азы Аԥсны иқәынхо амсылман  жәлар ирыдысныҳәалар сҭахуп, еиҭазгаз Октаи Ҷкотуа иҭабуп ҳәа иасҳәоит, аџьабаа дуӡӡа адуп, уи еилыукаауеит уанаԥхьо. Аредакторра азызуз Арда Ашәбагьы иҭабуп ҳәа иасҳәоит. Араб бызшәала еиҭоугозар, иара Аҟәырҟан ахаҭа иаанаго убжьы ҭыганы аԥхьара ауп. Ҳазшаз ишааишьҭыз иажәа араб бызшәала иану ауп, егьырҭ зегьы ажәа Аҟәырҟан мацара акәымкәа аиҭага ҳәагьы иацзароуп, ииашаны иаҳҳәозар, Аҟәырҟан аҵакы аиҭагара ауп. Ус иануп иара аԥсшәахь еиҭагоу ашәҟәгьы. Уаанӡа урысшәала саԥхьон аҵакы, уажәы аԥсышәала санаԥхьо адунеи ҿыц исзаатуашәа, илакәны иҟоу аккара сныҵалошәа снарбеит", — иҳәеит Џьугьелиа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.