Абҵарамза 28 инаркны ажьырныҳәа 7-нӡа аиаша қьырсианхаҵаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәо Қьырсазтәи ачгара иҵоуп.
"Ашықәс аҩныҵаҟа ахашеи ахәашеи чгара мшқәоуп. Ҳара иаҳҳәалоит "Анцәа илԥха", уи змауа аӡәгьы дыҟаӡам, аха иҟоуп аԥҟарақәа. Уи зыдҳәалоу аҽынкылароуп, ацәгьаԥышәара ыҟазар, ишахәҭоу алҵшьа. Адгьыл аҟны ҳахьынӡыҟоу иҿаҳҳәаз ажәҩан аҟны иԥыртхоит. Афатәи ашәҵатәи акәӡам ҳаиҿызкаауа, аҽынкылара ауп. Исшәысҵои исфои ҳәа мацара ихәыцуа арыцҳара дақәшәар ҟалоит", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥлиа.
Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.