Аԥснытәи акаратистцәа Москвантә амедалқәа ааргеит

Карате азы Урыстәылатәи Афедерациа иаарту ачемпионат, Аԥснытәи акаратистцәа злахәыз мҩаԥысуан Москва абҵара 24-25 рзы.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Ахьтәы медалқәа хәбеи араӡны медалқәа хԥеи Москвантәи иааргеит Аԥснытәи акаратистцәа ҿарацәа. Карате азы Урыстәылатәи Афедерациа иаарту ачемпионат, мҩаԥысуан Москва абҵара 24-25 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит косики карате азы Аԥсны Афедерациа ахада Демис Адлеиба.

Аԥснытәи акаратистцәа ахьтәы медалқәа ԥшьба ргеит

"Аиндаҭларақәа мҩаԥысуан ахаҭатәии акомандатәии зшьақәа рыла. Ахаҭатә зшьаҿы актәи аҭыԥ ргеит — Софиа Аҩӡыԥҳа, Самир Хәарцкьиа, Ерик Ходжоиан, Артур Ходжоиан, Ҭемыр Быҭәба. Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит – Дмитри Адлеибеи Мариа Хупориеи. Акомандатә еиндаҭлараҿ аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Самир Хәарцкьиа, Ерик Ходжоиан, Ҭемыр Быҭәба", — ҳәа еиҭеиҳәоит Адлеиба.

Аԥснытәи акаратистцәа хәынтәуп ари аиндаҭлара рҽаладырхәуеижьҭеи. Актәи ахьы медал агара рылшеит ахынтәтәи рықәгылараан.

"Актәи ашықәсқәа рзы аԥышәа ҳазхомызт, ахьтәы медалқәагьы роура уадаҩын. Есышықәса ҳаспортсменцәа реиԥш ҳазыҟаҵаҩцәагьы рԥышәа еизҳауеит", — иҳәеит иара.

Москваҟа аспортсменцәа рцара аԥара ахшәырааит ахәыҷқәа рҭаацәарақәа ҳәа иҳәеит косики карате азы Аԥсны Афедерациа ахада Демис Адлеиба.