Арадио

Лариса Ахԥҳа: сынтәа аӡынра бааԥсхоит ҳәа ҳазҳәом

Иааиуа аӡын зеиԥшрахо, насгьы илеиуама сынтәа асы - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аҳауагәаҭаҩ Лариса Ахԥҳа.
Sputnik

"Аҳауаҭагылазаашьатә хсаалақәа излаҳдырбо ала, аҳауаҭагылазаашьа аԥеиԥш аҽеиҭанакит, ихьшәашәарахеит, аха асы леиуам. Амза ааба рзы аҳауа хьшәашәақәа ҳара ҳҟынӡа иааӡоит, аха анырра иҟарҵо маҷхоит ҳәа ҳгәыӷуеит, амала, аҳаракырақәа рҿы асы леир алшоит. Амшын макьана иҟәандоуп аҟнытә, иаалырҟьаны ихьшәашәарахоит ҳәа ҳазҳәом. Макьаназы ӡынра бааԥсык ҟалоит ҳәа ҳазгәаҭом", — лҳәеит Ахԥҳа.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.