Ԥлиа ақалақьтә еизара аӡбра ахьаԥыху иазкны: аӡбарҭахь ҳнеир ҳалшоит

Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа аҳҭнықалақь ахада ишиашоу иалхразы ареферендум мҩаԥгазарц аӡбра ирыдыркылаз аԥыхразы атәыла ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа иазгәеиҭеит аҳҭнықалақь ақалақьтә еизара адепутатцәа Аԥсны ахада рыӡбра мап ахьацәикыз азы аӡбарҭахь азҵаара кылыргар шалшо. Абри атәы еиҭеиҳәеит Константин Ԥлиа аҩаша, абҵара 27 рзы.

"Атәыла ахада икьыԥхьымыз аӡбамҭа аԥихит. Иара официалла акьыԥхь анабалак ашьҭахь ауп адокумент ҟазшьа аиуны ианыҟало. Ҳара ҳаӡбамҭа акьыԥхь арбара ҳагәҭакын азакәанԥҵаратә ԥшьгамҭа асубиектқәа ареферендум амҩаԥгашьаз анорма анҳарҭалак ашьҭахь. Иҟалап, иҟоу аҭагылазаашьазы аӡбарҭахь ҳнеиргьы", — ҳәа иҳәоит Ԥлиа.

2018 шықәса жьҭаара 25 рзы Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа аӡбра рыдыркылеит ақалақь ахада ишиашоу иалхразы ареферендум мҩаԥгазарц.

Зегь иргәаԥхо иԥшааразы

Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа ақалақь ахада ишиашоу иалхразы ареферендум мҩаԥгазарц аӡбра ирыдыркылаз аԥыхразы атәыла ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит абҵара 27 рзы, ас еиԥш аӡбра атәыла Аконституциа иаҿагылоит ҳәа иԥхьаӡаны.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәара мҩаԥысит жьҭаара 25 рзы. Аилатәараҿ иалацәажәон ареферендум амҩаԥгара азҵаара.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҿ адепутатцәа рыбжьы рҭиит аҳҭнықалақь ахада ишиашоу иалхразы арефередум мҩаԥысрацы.

Абри аԥшьгара алеигалеит адепутат Дмитри Маршьан. Иара иазгәеиҭеит ҩбаҟа шықәса раԥхьа абри азҵаара аганахь ала атәыла апарламент адепутатцәа рахь ашәҟәқәа шынашьҭыз.

Адепутатцәа еицҿакрыла иазааиит ареферендум амҩаԥгара арыцхә – 2019 шықәса хәажәкыра 10. Дмитри Маршьан иазгәеиҭеит иаԥшьгара аҳҭнықалақь ауааԥсыра ишыргәаҳәароу.

Надараиа: ақалақь ахада иалхрахь ҳаиасыр Гал ахаангьы аԥсуа дузалхӡом

Ақалақьтә еизара адепутатцәа 18-ҩык рҟынтәи 16-ҩык ареферендум амҩаԥгара иадгылеит.

2018 шықәса абҵара 9 рзы аамҭала Аҟәа ақалақь апрокурор инапынҵақәа назыгӡо Алхас Агәмаа Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь апротест наишьҭит ирыдыркылаз аӡбра азакәаншьаҭа амам ҳәа арбаны.

Апрокуратура агәаанагара ҵаҵӷәнаркит, Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа атәыла ахада иоуп иазҭо, Аизара ақәшаҳаҭрала ҳәа ахҳәааны. Амаҵзура иахаргыло ахада атәыла ахадеи Аминистрцәа реилазаареи рҿаԥхьа ҳасабырба ҟазҵо хаҿуп.

Аҳҭнықалақь адепутатцәа рыӡбра иақәшаҳаҭым иара убасгьы дара Аҟәатәи алхратә комиссиа ақалақьтә биуџьет аныхрақәа рахь ареферендум амҩаԥгараз ахарџьқәа аланагалароуп ҳәа ахьазырыӡбаз.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аӡбра дақәшаҳаҭым иара убасгьы аҳҭнықалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа. Уи адепутатцәа аофициалтә шәҟәы рзынаишьҭит. Ашәҟәаҿы иаҳәоит аҭыԥантәи ареферендум азы азакәан ахьыҟам инадҳәаланы ақалақьтә еизара аӡбра анагӡара залшом ҳәа. Адепутатцәа ирыдигалеит рыӡбра еиҭахәаԥшырц.