Акаԥҳа: Ауаажәларратә палата алахәылацәа реиҳараҩык ахадацәа ралхра иадгылоит

Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа реилатәара мҩаԥысит ахаша, абҵара 28 рзы. Аилатәараҿы иалацәажәеит Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа раԥшьгара – ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ралхразы ареферендум амҩаԥгара.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik, Бадри Есиава. Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ишиашоу ралхраз Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа ргәаанагарақәа еиԥшымхеит, аха реиҳараҩык зыдгыло алхрақәа рымҩаԥгароуп ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭелла Акаԥҳа.

Аҳҭнықалақь ахада ишиашоу иалхразы ареферендум мҩаԥысраны иҟоуп

"Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа ишиашоу ралхраз Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәа ргәаанагарақәа еиԥшымхеит. Макьаназ иаку резолиуциак ҳазҳадкылом, аха реиҳараҩык зыдгыло алхрақәа рымҩаԥгароуп. Ҳара иазаҳаԥхьаӡоит асеиԥш аҵак ду зманы иҟоу азҵаара аӡбразы Апарламент адепутатцәа "аҭыԥантәи ахаланапхгаразы" азакәан аус еиҭадырулароуп ҳәа", - лҳәеит Акаԥҳа.

Апалата алахәылацәа зегь еицҿакрыла изықәшаҳаҭхаз "Аԥсны административ-ҵакыратә акқәа рнапхгараҭаразы" азакәан ариашарақәа ралагалара шаҭаху ауп. Зегьы ақәшаҳаҭуп ақалақьтәи араионтәи аизарақәа рзинмчра еиҳа рырҭбаара ҳәа лҳәоит Акаԥҳа.

Ауаажәларратә палата арҭ азҵаарақәа ҭырҵаалоит, аусура хыркәшо алкаақәа ҟарҵоит ҳәа лҳәоит лара.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәара мҩаԥысит жьҭаара 25 рзы. Аилатәараҿ иалацәажәон ареферендум амҩаԥгара азҵаара. Аҟәатәи ақалақьтә еизара аилатәараҿ адепутатцәа рыбжьы рҭиит аҳҭнықалақь ахада ишиашоу иалхразы арефередум мҩаԥысрацы.

Гагратәи адепутатцәа аҟәатәи рколлегацәа раԥшьгамҭа иадгылоит

Абри аԥшьгара алеигалеит адепутат Дмитри Маршьан. Иара иазгәеиҭеит ҩбаҟа шықәса раԥхьа абри азҵаара аганахь ала атәыла апарламент адепутатцәа рахь ашәҟәқәа шынашьҭыз.

Адепутатцәа еицҿакрыла иазааиит ареферендум амҩаԥгара арыцхә – 2019 шықәса хәажәкыра 10. Дмитри Маршьан иазгәеиҭеит иаԥшьгара аҳҭнықалақь ауааԥсыра ишыргәаҳәароу.

Ақалақьтә еизара адепутатцәа 18-ҩык рҟынтәи 16-ҩык ареферендум амҩаԥгара иадгылеит.

2018 шықәса абҵара 9 рзы аамҭала Аҟәа ақалақь апрокурор инапынҵақәа назыгӡо Алхас Агәмаа Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь апротест наишьҭит ирыдыркылаз аӡбра азакәаншьаҭа амам ҳәа арбаны.

Апрокуратура агәаанагара ҵаҵӷәнаркит, Аԥсны Аконституциа инақәыршәаны ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа атәыла ахада иоуп иазҭо, Аизара ақәшаҳаҭрала ҳәа ахҳәааны. Амаҵзура иахаргыло ахада атәыла ахадеи Аминистрцәа реилазаареи рҿаԥхьа ҳасабырба ҟазҵо хаҿуп.

Ԥлиа ақалақьтә еизара аӡбра ахьаԥыху иазкны: аӡбарҭахь ҳнеир ҳалшоит

Аҳҭнықалақь адепутатцәа рыӡбра иақәшаҳаҭым иара убасгьы дара Аҟәатәи алхратә комиссиа ақалақьтә биуџьет аныхрақәа рахь ареферендум амҩаԥгараз ахарџьқәа аланагалароуп ҳәа ахьазырыӡбаз.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара аӡбра дақәшаҳаҭым иара убасгьы аҳҭнықалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа. Уи адепутатцәа аофициалтә шәҟәы рзынаишьҭит. Ашәҟәаҿы иаҳәоит аҭыԥантәи ареферендум азы азакәан ахьыҟам инадҳәаланы ақалақьтә еизара аӡбра анагӡара залшом ҳәа. Адепутатцәа ирыдигалеит рыӡбра еиҭахәаԥшырц.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа ақалақь ахада ишиашоу иалхразы ареферендум мҩаԥгазарц аӡбра ирыдыркылаз аԥыхразы атәыла ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит абҵара 27 рзы, ас еиԥш аӡбра атәыла Аконституциа иаҿагылоит ҳәа иԥхьаӡаны.