Амаҵә ԥсеиқәырхага: Гәдоуҭа араион аҿы ахаҵа аӡы дагон

Гәдоуҭа араион аҿы Мҷышьҭа аӡиас абҵара 29 рзы иҟаз ақәоурақәа ирыхҟьаны аҭра иҭыҵти.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадри Есиава. Оҭҳара ақыҭан Мҷышьҭа аӡиас ахаҵа аӡы дыхнаҵеит. Иара илшеит аҵламахә ахьынҳалара, аиқәырхаҩцәа неиаанӡагьы ахеиқәырхара ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

"Оҭҳара ақыҭан Мҷышьҭа аӡиас ахаҵа аӡы дыхнаҵеит, ҳара иԥсеиқәырхара ҳахьӡеит", - ҳәа иҳәеит Гындиа.

Арыцҳара ҟалеит ҳәа ахьырҳәаз инеиит АҶА Гәдоуҭа араионаҿтәи аҟәша. Ахаҵа иахәҭаны иҟаз амедицинатә цхыраара иҭан.