"Аԥсуа литература ашедеврқәа" адраматә театр иҩныҩуан

Аԥсуа драматә театр актерцәа ахәаԥшыҩцәа рзы иаздырхиеит аԥсуа литератураҟынтә иреиӷьу арҿиамҭақәа. Апоезиа ахәылԥаз мҩаԥысит абҵара 29 рзы.
Sputnik

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Апоезиа ахәылԥаз "Аԥсуа литература ашедеврқәа" мҩаԥысит абҵара 29 рзы.

Ахәылԥаз аҟнытә авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

"Ирҳәоит аҭынчра адунеи еиқәнархоит ҳәа. Аха адунеи еиқәзырхо аԥшӡара, акультура, ахатәы бызшәа, абзазара, аԥсуара ракәзар ҟалап. Иахьа иааҳартуеит аԥсуа литература ашедеврқәа рыԥхьара ацикл ҿыц. Ииасыз ашәышықәса иаҳзааннажьит ԥсра зқәым алитературатә баҟақәа", - лҳәоит ахәылԥаз амҩаԥгаҩ.

Аԥсуа драматә театр актиорцәа ахәаԥшыҩцәа рзы иаздырхиеит аԥсуа литератураҟынтә иреиӷьу арҿиамҭақәа. Ахәылԥаз еиднакылеит ХХ ашәышықәса аклассикцәеи ҳаамҭазтәи апоетцәеи. Апоезиа ахәылԥаз аханатә аинтерес ду аман, избанзар асеиԥш ахәылԥаз уаанӡа иахьымҩаԥырымгацыз адагьы, аԥсуа публика аԥсуа литература бзиа иахьырбо ауп.

Ажәеинраалақәа рыԥхьара аклассикатә музыка имҩаԥнагон. Азыӡырыҩ иман алшара арҿиаратә насыԥ атмосфера аҽалаӡҩара.

Актиорцәа рҟынтәи иҟан аимпровизациа зхы иазырхәозгьы. Убас, Кьесоу Ҳагба Дырмит Гәлиа иажәеинраала "Сыхаара сыԥсадгьыл" азыӡырыҩцәа ирыдигалеит иахьатәи ацәа аҟәныршьшьыланы. Азхьаԥшра аиҭеит абызшәа апроблема, аха уи аӡәгьы илымҳа ҵнамхит.

Ахәылԥаз аԥсышәала ишымҩаԥысуазгьы арахь иааиит Урыстәылатәи асасцәа.

"Сара ҳәарада ажәеинраалақәа рҵакы сзеилкаауамызт, аха ирыҵаз ацәанырра оумашәа исныруан. Зегь сгәаԥхеит, аха аиҳарак сгәы дақәшәеит аҷкәын хцәеиларҳә хәыҷы (Астан Агрба – аред.)", - ҳәа лцәаныррақәа дҳазрылацәажәеит Урыстәылатәи асас – Елена.