Азовтәи амшын аԥшаҳәа иацәыхарамкәа Украина арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит

Украина арратә мчрақәа рҽазыҟаҵара иахықәкуп "аӷа" иавиациа лаҟәны аԥырраан амцаԥшь ахархәашьа аиӷьтәра.
Sputnik

АҞӘА, абҵара 30 — Sputnik. Азовтәи амшын аԥшаҳәа иацәыхарамкәа Украина арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Арратә авиациа "аӷа" аҳауаҟынтәи ижәылара мҩаԥнагон. Аекипажқәа ЗСУ-23-4 "Шилка", БМ "Стрела-10М", еиҭаҵуа азенит-ракетатә комплексқәеи азенит шьақәгылақәеи ЗУ-23 "аӷа" ижәылара аԥдырҟәҟәааит ихықәкқәа ҭарханы" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Украина аамҭа-аамҭала Азовтәи амшын аҟны имҩаԥнагоит арратә ҽазыҟаҵарақәа. Аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган абҵара 23 рзы. Ҟрым ари провокациоуп ҳәа ахырҳәаауеит.

Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа.

Украина Урыстәылеи иареи ирыбжьаз аиқәшаҳаҭрақәа еиҭарыхәаԥшырц агәҭакуп

Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рыҭоуп. Рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

Владимир Путин ари провокациоуп ҳәа ахиҳәааит, иагьазгәеиҭеит иаанкылаз амшынуаа рыгәҭа ишыҟаз хҩык Украина ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа, дара шракәыз аоперациагьы хылаԥшра азҭоз. Иара убри аан иҳәеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рнапынҵақәеи руалԥшьақәеи шынарыгӡоз.