Украина Урыстәылеи иареи ирыбжьаз аиқәшаҳаҭрақәа еиҭарыхәаԥшырц агәҭакуп

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание министерства иностранных дел в Киеве
Здание министерства иностранных дел в Киеве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 29 инаркны Украинеи Ҟрыми рҳәаа ахысра ҟалоит украинатәи адокументқәа рымацара рыла.

АҞӘА, абҵара 30— Sputnik. Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада Павел Климкин ателеканал ТСН аефир аҿы иҳәеит Украина ганкахьала Урыстәылеи иареи ирыбжьаз аиқәшаҳаҭрақәа рҟынтәи 40 рҟынӡа мап шрыцәнакуа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аминистр иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы Киев 48 рҟынӡа еиқәшаҳаҭреи еилаӡареи русура шааннакылахьо.

Отдых на Азовском побережье в Крыму - Sputnik Аҧсны
Адепутат: Азовтәи амшын аҟны Украина имҩаԥнаго аҽазыҟаҵарақәа провокациоуп

"Иара убри аан иҟаҳҵо ҳтәылауаа ирԥырхагамхозароуп", - иҳәеит иара.

Украина Урыстәылеи иареи ирыбжьаз аиқәшаҳаҭрақәа еиҭарыхәаԥшырц агәҭакуп, иара убри аан Климкин иажәақәа рыла 2014 шықәсанӡа анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәа ҵак рыманы ибом.

Цәыббрамзазы Киев мап ацәнакит атәылақәа рыҩба рыбжьара анапы зҵаҩыз аиҩызареи, аусеицуреи, апартнерреи рзы аиқәшаҳаҭра аҿҳәара ацҵара.

Москва асеиԥштәи Киев ашьаҿа аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара еиԥнаҟьоит ҳәа иашьеит.

Урыстәылеи Украинеи аиҩызареи, аусеицуреи, апартнерреи рзы аиқәшаҳаҭрарнапы аҵарҩит 1997 шықәса рзы, ҿҳәарас ҳәа 10-шықәса аҭаны, ԥхьаҟагьы уи аамҭа иацҵо. Адокумент аратификациа азнауит "Верховная рада".

Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рыҭоуп. Рыԥсҭазаара шәарҭа иҭагылам.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

Владимир Путин ари провокациоуп ҳәа ахиҳәааит, иагьазгәеиҭеит иаанкылаз амшынуаа рыгәҭа ишыҟаз хҩык Украина ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа, дара шракәыз аоперациагьы хылаԥшра азҭоз. Иара убри аан иҳәеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рнапынҵақәеи руалԥшьақәеи шынарыгӡоз.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0