Арадио

Ҟаитан: Гал араион аҭоурыхтә баҟақәа зегьы ҿыц иҭҵаауп, ахсаалахь ииагоуп

Аҭоурыхҭҵааҩ Шандор Ҟаитан арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Самырзаҟан иазку аҭҵааратә усқәеи уи иадҳәалоу абаҟақәеи аҭыԥшӡарақәеи ирызку ахсаала аиқәыршәара шыҟалаз атәы.
Sputnik
Ҟаитан: Гал араион аҭоурыхтә баҟақәа зегьы ҿыц иҭҵаауп, ахсаалахь ииагоуп

"Сара еснагь исҭахын Самырзаҟан аҭоурых аганахьала аҭҵаара. Аибашьра ашьҭахь уа аҭҵааратә усурақәа зынӡаск имҩаԥысуамызт, ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Аҿар ҳааидгылан, Гал араион ахадара рыцхыраарала, абаҟақәа зегьы рбара ҳалшеит. Ааигәа инхоз ауаа ҳрыҿцәажәон, абаҟақәа рҭоурых еилаҳкаауан, аматериал бзиа еизаҳгеит. Гал араион абаҟақәа зегьы ҿыц иҭҵаауп, ахсаалахь ииагоуп. Иара атуристцәа, мамзаргьы, зхала аныҟәара бзиа избо рзы даара ихәарҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҟаитан.