Арадио

Аслан Еныкь еиҭеиҳәеит Аҿартә театр ахәбатәи асезон зеиԥшрахо

Аҿартә театр ахәбатәи асезон зеиԥшрахо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит атеатр адиректор Аслан Еныкь.
Sputnik

"Ахәбатәи асезон ааҳартуеит ԥхынҷкәын 3 рзы "Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа!" ала.  Уи традицианы иҳамоуп. Уажәы иҿыцу аспектакль аус адулара ҳаҿуп Шекспир икомедиала "Амбжьах лыбжьара" ҳәа изышьҭоу. Урыстәылантәи арежиссиор дааҳаԥхьеит. Ашықәс нҵәаанӡа ахәаԥшцәа идҳарбар ҳҭахуп", — ҳәа азгәеиҭеит Еныкь арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.