Арадио

Габалыиа: ақалақь ахада иалхразы ареферендум амҩаԥгара азҵаара агәыҩбара сызцәырнагоит

Аҟәа ахада иалхразы ареферендум амҩаԥгара аҭахума - абри азы игәаанагара рҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Аҟәа ақалақь инхо ашәҟәыҩҩы Дмитри Габалыиа.
Sputnik
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Габалыиа ақалақь ахада иалхразы ареферендум амҩаԥгара иазкны

"Сгәаанагарала азҵаара аус адулара Аҟәа ақалақь ала ихацыркызарц бзиан, аха ара ицәырымҵыр залшом егьырҭ ақалақьқәа, егьырҭ араионқәа. Ҳара иаадыруеит иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы аҳәаа иаԥну араионқәа урҭ аҳәынҭқарра шьагәыҭс иамоу ажәлар рыла иӷәӷәазар шакәу, ҳара ҳҽы уи уашәшәыроуп. Убри аҟнытә аҳәаа иаду араионқәа рҿы уи азҵаара даҽакала иазхәыцтәуп. Убри аҟнытә ақалақь ахада иалхра ажәлар азин рымаз ҳәа иаахҵәаны аҳәара сцәыуадаҩуп, сҿазҳәо ыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Габалыиа.  

Адырраҭарра "Когониаԥҳа лымҩаду" шәазыӡырҩлар ҟалоит сабшала арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.