Арадио

Адлеиба анапылампыл азы: акомандақәа рмаҷра иахҟьаны ачемпионат хымш рыла имҩаԥган

Анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҟны аиааира згаз акоманда ахәмарҩы Гәыдиса Адлеиба арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ изеиҭеиҳәеит ахәмаррақәа ирылахәыз, нас урҭ шымҩаԥысыз.
Sputnik

"Имаҷын акомандақәа, зынӡа фба ракәын иҟаз, убри азы ачемпионат хымш рыла имҩаԥаҳгеит. Ахәмаррақәа мҩаԥыргеит Аҷандара, Гәдоуҭа, Гагра, Пицунда, Аҟәа ақалақьқәа рҟынтәи акомандақәа. Мрагыларатәи араионқәа хәыҷык ирцәыуадаҩуп аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара,  аспортзалқәагьы рымаӡам,ачемпионат ахь изымнеиӡеит. Анапылампыл (аволеибол) ихәмаруа ауалафахәы ҳауӡом, бзиа избо ҳаизаны ҳахәмаруеит. Иара убас иҳамоуп еизгоу акоманда, Краснодартәи атәылаҿацә аҟны имҩаԥысуа ачемпионат иалахәу. Иахьатәи аамҭазы анапылампыл егьырҭ аспорт хкқәа реиԥш азҿлымҳара амаӡам, алшарагьы ыҟаӡам", — иҳәеит Адлеиба.

Аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Аԥсны анапылампыл азы ачемпионат мҩаԥысуан абҵара 27 инаркны. Акоманда "Аҟәа" ахәмарыҩцәа аԥхьатәи аҭыԥ ааныркылеит.