Арадио

Еныкь асезон ҿыц злаадыртуа аспектакль азы: иџьаҳшьоит ахәаԥшыҩцәа рыдкылашьа

Аҿартә театр ахәбатәи асезон злаадыртуа аспектакль ахәаԥшыҩцәа ишрыдыркыло ҳхаҭа уамашәа иаҳбоит ихәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы атеатр адиректор Аслан Еныкь.
Sputnik
Еныкь асезон ҿыц злаадыртуа аспектакль азы: иџьаҳшьоит ахәаԥшыҩцәа рыдкылашьа

"Аспектакль "Ҳаԥсыуаауп, ҳаԥсыуаа!" ҳаргьы ҳхаҭақәа уамашәа иаҳбоит, шьҭа ахәбатәи асезон ауп уи ҳашьҭуеижьҭеи. Ахәаԥшыҩцәа рыбжьара жәантә избахьоугьы ыҟоуп. Гәыкала ирыдыркылоит. Актиор шаҟа дыхәмаруа аҟара ароль инапаҟны иааигоит. Ахәаԥшыҩцәа ари аспектакль ҩапҳьа избар зҭаху рацәаҩуп, аҭел иаҳзасуеит, ҳаргьы ҳаигәырӷьоит абас иахьыҟоу", — ҳәа азгәеиҭеит Еныкь.

Аҳәынҭқарратә Аҿартә театр ахәбатәи асезон аанартуеит ԥхынҷкәын хԥа рзы.

Аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.