Асҭамыр Кациа Шәача имҩаԥысуаз аԥқьаҭасразы атурнир аҟны ахԥатәи аҭыԥ никылеит

Еицырдыруа урыстәылатәи аспортсменка, аолимпиатә чемпионка Елена Веснина лаԥхьахә аиуразы аԥқьаҭасратә турнир мҩаԥысит Шәача, абҵара 24 инаркны ԥхынҷкәын 2 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа ԥқьаҭасыҩ қәыԥш Асҭамыр Кациа урыстәылатәи аспортсменка, аолимпиатә чемпионка Елена Веснина лаԥхьахә аиуразы Шәача имҩаԥысуаз аԥқьаҭасразы атурнир аҟны ахԥатәи аҭыԥ никылеит ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит аспортсмен иазыҟаҵаҩ Елизабет Акуциа.

"Аԥхьатәи аикәшарақәа ҩба имарианы дырхысны ахԥатәи аикәшараан Асҭамыр х-сетк иқәгылара ашьҭахь Ҟрымтәи аԥқьаҭасыҩ дииааиит. Ҟрымтәи аспортсмен атурнир аҿы иреиӷьу ҳәа дыԥхьаӡан, аха Асҭамыр иаԥигеит", - ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Афиналбжаҿы аԥснытәи аспортсмен Москватәи аԥҟьаҭасыҩ диҵахеит.

"Ахәбатәи ақәгылараан шәачатәи аспортсмен Едуард Саакиан даиааиит. Асҭамыр Кациа ахԥатәи аҭыԥ никылеит. Аспортсмен ихьӡала адгылара изҭоз зегьы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит", - лҳәоит лара.

Еицырдыруа урыстәылатәи аспортсменка, аолимпиатә чемпионка Елена Веснина лаԥхьахә аиуразы аԥқьаҭасратә турнир мҩаԥысит Шәача, абҵара 24 инаркны ԥхынҷкәын 2 рҟынӡа, ацентр "Адлер-Арена" акортаҿ.

Асҭамыр Кациа Шәача имҩаԥысуаз аԥқьаҭасразы атурнир аҟны ахԥатәи аҭыԥ никылеит