Аԥсар "Аԥсуаа рышәҩык" иазку астатиа кьыԥхьуп англиатәи журнал "Coin News" аҿы

Номиналла шә-аԥсарк иҟоу "Аԥсуаа рышәҩык" азкуп Актәи адунеизегьтәи аибашьра аилгара 100-шықәса ахыҵреи уи иалахәыз аԥснытәи аибашьцәеи. Аԥсар ҭнажьит Аԥсны Амилаҭтә банк 2018 шықәса абҵарамзазы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсар "Аԥсуаа рышәҩык" иазку астатиа кьыԥхьуп англиатәи анумизматикатә журнал "Coin News" аҿы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит Амилаҭтә банк адәныҟатә еимадарақәа рмаҵзура аиҳабы Лиана Агрԥҳа.

Амилаҭтә банк агәалашәаратә ԥсарқәа ҭнажьит

"Ҳара иазаҳаԥхьаӡеит Актәи адунеизегьтәи аибашьра аилгара 100-шықәса ахыҵреи уи иалахәыз аԥснытәи аибашьцәеи ирызку, Аԥсны Амилаҭтә банк иҭнажьыз аԥсар иазкны астатиа ажурнал "Coin News" анылара ахәҭаны, аиҳаракгьы Актәи адунезегьтәи аибашьра аилгара Британиа ду еиԥш егьырҭ адунеи атәылақәа жәпакы рыҿгьы агәалашәаратә ԥсарқәа рҭыжьрала азхьаԥшра аҭан азы", - ҳәа еиҭалҳәоит Агрԥҳа.

Лара лажәақәа рыла аҳәаанырцәтәи анумизматикатә журнал аредакторцәа иаразнакы аинтерес ркит Аԥсны Амилаҭтә банк астатиа. Астатиаҿы аԥсар ахаҭазы аинформациа адагьы Актәи адунеизегьтәи аибашьраҿы аԥсуаа рлагала атәы инарҭбааны иалацәажәан.

Номиналла шә-аԥсарк иҟо "Аԥсуаа рышәҩык" азкуп Актәи адунеизегьтәи аибашьра аилгара 100-шықәса ахыҵреи уи иалахәыз аԥснытәи аибашьцәеи. Аԥсар ҭнажьит Аԥсны Амилаҭтә банк 2018 шықәса абҵарамзазы. Атираж ԥкуп, шә-цырак ыҟоуп. Аахәара алшоит атәыла акоммерциатә банкқәа зегьы рҿы.

Анумизматикатә журнал "Coin News" ҭыҵуеит 1983шықәса раахыс, Британиатәи аҭыжьымҭақәа "Token Publishing" иреиҳау рахь иаҵанакуеит. ажурнал атираж 8000 цыра ыҟоуп.