Арадио

Арсалиа асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа-еиндаҭлара азы: аӡбаҩ хадас иҟоу ахәаԥшҩы иоуп

Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит асахьаҭыхыҩцәа сынтәа русумҭақәа еихызшьаало ацәыргақәҵа егьырҭ излареиԥшымыз.
Sputnik

"Сынтәатәи ацәыргақәҵаҟны аҿыханҵа аганахьала иӡыргоу аусумҭақәа иаҳа ирацәоуп, аскульптуреи аҩычара-хархәаратә ҟазареи зынӡа имаҷуп. Убасгьы ацәыргақәҵа зхы алазырхәыз рыбжьара иҟоуп ааигәа аҟазараҟны ицәырҵыз асахьаҭыхыҩцәа. Аицлабраҟны актәи аҭыԥ ааныикылеит  Баҭал Џьапуа. Уи играфикатә усумҭақәа даара азҿлымҳара зуҭаша роуп, аԥсуа етнографиа, акультура, аҭоурых зныԥшуа, акыр иқәманшәалахеит. Аҩбатәи аҭыԥ ианашьоуп асахьаҭыхҩы  Адгәыр Амԥар, ахԥатәи аҭыԥ — Диана Хынҭәба. Иазгәасҭар сҭахуп, арҭ асахьаҭыхыҩцәа ашықәс иҭагӡаны рхатә цәыргақәҵақәагьы шымҩаԥыргаз егьырҭ ацәыргақәҵақәагьы рхы шрыладырхәыз. Иҟалап асахьаҭыхратә комиссиа уигьы азгәарҭозар. Убасгьы аҳаҭыртә шәҟәқәа рыла иазгәаҭоуп Аԥшьа Ҳагԥҳаи Асҭанда Адлеиԥҳаи русумҭақәа", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Аминистр иазгәалҭеит асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа ахәшьара рыҭараҟны акомиссиа хада ҳәа иҟоу ацәыргақәҵа иаҭааны избо ахәаԥшыҩцәа шракәу.